Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа Дамаск имҩаԥысуаз астолтә мқьаҭмпыл азы адипломатиатә турнир рхы аладырхәит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа Дамаск имҩаԥысуаз астолтә мқьаҭмпыл азы адипломатиатә турнир рхы аладырхәит
20 May 2025 22

Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистрра ахылаԥшрала, Шьамтәыла аспорти аҿар русқәеи рминистрра ацхыраарала, насгьы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аккредитациа змоу Ацҳаражәҳәарҭақәеи адипломатиатә миссиақәеи (Аԥсны, Баҳреин, Урыстәыла, Саудтәи Аравиа, Азербаиџьан, Тунис, Еиду Арабтә Емиратқәа, Катар, Пакистан, Филиппины, Мысра, Индонезиа, Судан, Парагваи рылахәхарала, ООН-и Шьамтәылеи рхаҭарнакцәа рыҟазаарала), астолтә мқьаҭымпыл азы адипломаттә турнир лаҵара 16-17 рзы Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала атурнир рхы аладырхәит Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ – аконсултә ҟәша аиҳабы Гаис Аль Ҳаркеи.

Лаҵара 17 рзы, атурнир ахыркәшара амш аҽны, аиааира згази алахәылацәеи аҳамҭақәа ранашьан ​​Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистрреи рхаҭарнакцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: