Инар Ладариа Никарагуа Арбџьармчқәа раԥҵара 46 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын

Инар Ладариа Никарагуа Арбџьармчқәа раԥҵара 46 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын
5 September 2025 96

Цәыббра 2-3 рзы, Никарагуа аиҳабыра рнаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аиба Никарагуа Арбџьармчқәа раԥҵара 46 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.

Аусмҩаԥгатә аҟны ихадоу хҭысны иҟалеит акоменданте Даниель Ортега иқәгылара. Уи иазгәеиҭеит, ҳаамҭазтәи адунеи аҿы аҭынчра ахьчара зегь раԥхьаӡа иргылатәу ҭакԥхықәроуп ҳәа, ӷәӷәала дақәыӡбеит америкатәи аибашьыгаӷбақәа Карибтәи амшынҵакырахь рынашьҭра, уи Латинтәи Америка атәылақәа рнапхгарақәеи рыжәларқәеи рыршәара иазырхан ҳәа ишьаны.

Ортега Венесуелеи уи аԥхьагыла Николас Мадурои дышрыдгылаҩу иҳәеит, иара убасгьы иҭахаз Никарагуатәи афырхацәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵаразы ааԥхьара ҟаиҵеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: