2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80- шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә оператә театр аҿы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов, аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рҭоурых далацәажәеит, Урыстәылеи Никарагуеи ирыбжьоу аҩ-ганктәи рыстратегиатә еиҩызара аринахысгьы арӷәӷәара шалыршахо азы агәрагара ааирԥшит.
Никарагуатәи аган ахьӡала Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске Никарагуа ахада Даниель Ортега ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, Никарагуа еиуеиԥшым аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа, аҭыԥантәи аинформациатә хархәагақәа.
Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80- шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә-дкылара далахәын

19 December 2024 139