Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Асовет жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иргаз аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы ихы рылаирхәит.
Лаҵара 5 азы Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи иабжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа Амилаҭтә Университет иаҭааит, уаҟа афашизм аиааиреи ауаатәыҩса рзы уи иамоу аҵаки ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку афотоцәыргақәҵеи адокументалтә фильм арбареи еиҿкаан.
Лаҵара 7 рзы Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа жәлар рашәақәеи аибашьра ашықәсқәа раантәи ашәақәеи рыла еиҿкааз аконцерт иаҭааит. Уи Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы Никарагуа, Венесуела рартистцәеи рмузыкантцәеи рыла еиҿкаан.
Лаҵара 8 азы Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Ареволиуциа ашҭаҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит. Уи еиднакылеит уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рҟынтәи адиаспорақәа рхаҭарнакцәа, Никарагуа аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа, Никарагуа Ареспубликаҿы аккредитациа змоу адипломатцәа, насгьы атәылауаа рацәаҩны. Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденеви, Никарагуа Апарламент аиҳабы Густаво Порраси, адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьенскеи дрыцны «Ԥсра зқәым архәҭа» аныҟәара ахадараҿы дгылан.
