Инар Ладариа Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын

Инар Ладариа Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын
24 February 2025 50

Ареспублика Никарагуа атәылахьчара Аминистрра ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын.

Иоанн Павел Il ихьӡ зху Ашҭаҿы имҩаԥысыз ацеремониа аҿы ажәахә ҟаиҵеи Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо, уи еиҿкаау ацәгьоурақәеи атеррористтә шәарҭареи рҿагылара атәы далацәажәон.

Аофициалтә церемониа ашьҭахь, Сезар Абилес Кастильои Ареспублика ахада Даниель Ортегеи еицны, Никарагуа ар ргәаҭара мҩаԥыргеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит иара убасгьы Урыстәыла, Венесуела, Куба, Иран, Мексика, Гондурас, Сальвадор, Гватемала, Алжир ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: