Ажәабжь ҿыцқәа

10 December 2017 843 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота ашьҭит Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы ареферендум Амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.
7 December 2017 966 Анотақәа
1988 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы иҟалаз, ауааԥсыра рацәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз адгьылҵысра алахьеиқәратә мшы инадҳәаланы Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭу адашшыларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:
Ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) акоординатор Нильс Скотти реиԥылара.
1 December 2017 855
Ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа ипресс-конференциа, Италиа иҟазаара аихшьаалақәа ирызкны.
2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит аурыс-аԥсуа консультациақәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟоуп. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.
28 November 2017 815 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Роналдо Монкада имшира идиныҳәалеит.
26 November 2017 1044
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟан. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.
23 November 2017 788 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭо афырхаҵареи жәлар ракзаара Амши рныҳәа.
Абҵара 23 рзы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рҧылара мҩаҧысит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аилацәажәарақәа рҟны ООН, ЕС, ОБСЕ рхаҭарнакцәа Антти Турунен, Гиунтер Бехлер, Тоиво Клаар. Аԥснытәи аган ахьӡала аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминсистрра аусзуҩцәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Иракли Ҭыжәба.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: