Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба агазеҭ «Известия» аинтервиу аиҭеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба агазеҭ «Известия» аинтервиу аиҭеит
2 September 2024 19

-Аԥсны асуверенитет азхарҵеит ЕАР аҳәынҭқарра-лахәылақәа хәба, иара убасгьы ахәҭакахьала иазхаҵо ма иазхаҵам республикақәак. Абри азҵаара аганахь ала ареспублика адунеитә еилазаара аус ацнауама? Иҟоума ЕАРи ареспубликеи рыбжьара аиныррақәа?

-Аԥсны Аҳәынҭқарра инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара аиура ҳтәыла адәныҟаполитикатә усдҵақәа ираԥхьагылоуп. Ҳәарада, адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы аԥыжәара знаҭоу усуп. Абри аус аҿы ҳара иаҳбарҭоуп Еиду аштатқәеи Евроеидгылеи иҟарҵо ақәыӷәӷәарақәа.

Убри азы ҳара Мраҭашәара атәылақәа рнапы ахьзымнаӡо егьырҭ адунеи арегионқәа рнырра ҳҽазаҳшәоит. Аобиективтә мзызқәа инарыдҳәаланы урҭ иарбанқәоу рҳәара ахәҭамкәа иҳаԥхьаӡоит.

Ҳахысхьеит аҭагылазаашьа, Еиду аштатқәеи урҭ рпартниорцәеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа зыцшьақәҳаргылахьаз атәылақәа ақәыӷәӷәара ду анрырҭоз.

Ус шакәугьы, ауадаҩрақәа ҳшырхысуагьы, аколлективтә Мраҭашәара аганахь ала ақәыӷәӷәарақәа шыҟоугьы адунеи еиуеиԥшым арегионқәа рҟны аимадарақәа рышьақәыргыларазы алшарақәа рыԥшаара ҳашьҭоуп. Арҭ азҵаарақәа рҿы ҳара ҳақәгәыӷуеит ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа.

Хыхь ишысҳәаз аиԥш азхаҵара арҭбаара азҵаара еснагь ҳазхәыцуеит. Убри азы Шьамтәылатәи Арабтә республикеи ҳареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵеит. Агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵо аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара иацлап ҳәа.

-Иалшома Аԥсны иахықәкы хадоу Еидҵоу амилаҭқәа Реиҿкаара алалароуп ҳәа аҳәара? Абри аганахь ала аусурақәа мҩаԥысуама? Имҩаԥысуазар, иарбанқәоу?

-Ҳәарада Аԥсны иахықәкы хадоу Еидҵоу амилаҭқәа Реиҿкаара алалароуп. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари апроцесс шымариам. Иҩбоу астандартқәа рполитикагьы аӡәгьы ишаԥимхуа аадыруеит.

Абри ахырхарҭала имҩаԥааго аусура атәы уаанӡа салацәажәеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара аиура Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аус хадақәа иреиуоуп. Аԥсны еснагь иаартуп азинеиҟарареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭаны измоу аконструктивтә усеицуразы. Ҳпозициа пату ззақәу аус рыцура еснагь ҳазыхиоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: