Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит аконференциа «Апассивтә ԥырҟәҟәаара аҟынтәи активтә ԥырҟәҟәаара аҟынӡа – Урыстәыла ашәарҭадаратә политикеи агеополитика ҿыци»

Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит аконференциа «Апассивтә ԥырҟәҟәаара аҟынтәи активтә ԥырҟәҟәаара аҟынӡа – Урыстәыла ашәарҭадаратә политикеи агеополитика ҿыци»
12 September 2025 84

2025 шықәса цәыббрамза 11 азы Берлин ақалақь аҿы Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара имҩаԥнагаз аконференциа «Апассивтә ԥырҟәҟәаара аҟынтәи активтә ԥырҟәҟәаара аҟынӡа – Урыстәыла ашәарҭадаратә политикеи агеополитика ҿыци» лхы алалырхәит.

Аиҿцәажәараҿы ахшыҩзышьҭра рыҭан Урыстәылатәи аекспертцәа: Адунеизегьтәи економика аинститут адиректор Дмитри Тренини, Иреиҳау аекономикатә школ Адунеизегьтәи аекономикеи адунеизегьтәи аполитикеи рфакультет адекан Сергеи Караганови иаздырхиаз аҭҵаарақәа.

Аҭҵаарақәа ӡыригеит Берлинтәи атрансатлантикатә шәарҭадаразы Аинститут ацшьаҭаркҩы, апублицист, акыр шәҟәқәа равтор, адоктор Зигфрид Фишер. Аилазаара анапхгаҩы, аполитолог, ашәҟәыҩҩы Александр Рар, атрансатлантикатә шәарҭадара аекспертцәеи аспециалистцәеи ргәаанагарақәа азгәарҭеит. Аиԥылара иалахәыз Урыстәыла ашәарҭадаратә политика ихадоу ахырхарҭақәеи урҭ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа анырра шырнаҭои ртәы иалацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: