Ажәабжь ҿыцқәа

15 March 2021 1010 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидныҳәалеит.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
15 March 2021 989
Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.
5 March 2021 527 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
3 March 2021 1076
Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥысра аламҭалаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиԥылара. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба идикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Тоиво Клаар, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Содер, ООН ахаҭарнак ҷыда Азат Лачиниан.
3 March 2021 1037
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Даур Ақаҩбеи Сергеи Лаврови, Москва аиԥылара мҩаԥыргеит хәажәкыра 3 рзы. Аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәа, 2021-2022 шықәсқәа рызтәи аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.
25 February 2021 521 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит
23 February 2021 1041 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ААхыҵ Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.
21 February 2021 490
Жәабран 21 рзы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа имшира аҽны имҩаԥган аминистррақәа, аусбарҭақәа, аинтеллигенциа, ауааԥсыра рхаҭарнакцәа злахәыз ауснагӡатә. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иҽалаирхәит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы реиԥылара.
10 February 2021 545
Жәабран 10 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы иазгәаҭан Адипломат Имш. Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: