Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа дидикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа.
Шьамтәылатәи аган иазгәанаҭеит Шьамтәылатәи Арабтә республика атәылақәа рыбжьара иҟоу аҭагылазаашьақәа рырҿиаразы иахәҭаны иашьо аҽазышәарақәа зегьы шымҩаԥнаго.
Аганқәа еилацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институти Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара аусеицура амеханизмқәа аус рыдыруылаларц, адипломатиатә усзуҩцәа рҟазареи рдырреи рышьҭыхразы, реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аунагӡатәқәа еицымҩаԥыргаларц.
Имад Мусҭафеи Мухаммад Алии реиԥылара мҩаԥысит

30 May 2024 311