Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Ацҳаражәҳәарҭа абыжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харкии шьамтәыла-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа 80 шықәса рхыҵра иазку асеминар иалахәын.
Асеминар аҿы иалацәажәон аиҟарареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас измоу шьамтәыла-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭоурых.
Ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али иазгәеиҭеит аԥсны-шьамтәылатәи аԥсны-урыстәылатәи усеицура аҩаӡара ҳаракы, иаҵишьит Аҟәа аҽазышәара шымҩаԥнаго Дамаски Москвеи иареи рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы.
Мухаммад Али ҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәыла АдәАР Адипломатиатә академиа аректор Александр Иаковенко, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара – Аԥсны Аҳәынҭқарраз адипломатиатә кадырқәа ахьазыҟарҵо азы.
Асеминар иалахәын Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиак, Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаа Аиман Раади Хабиб Аббаси, цҳаражәҳәаҩцәа, Дамаск аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа.
Ауснагӡатә еиҿнакааит Шьамтәыла АдәАР Адипломатиатә институт.
Муххамад Али шьамтәыла-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа 80 шықәса рхыҵра иазку асеминар далахәын
2 August 2024 100