Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын

Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын
11 July 2024 420

Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморге инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Дамаск, Аль-Асад ихьӡ зху акультуреи аҟазареи Рыҩны аҟны.

Мухаммад Али Боливариантәи Ареспублика Венесуела аиҳабыреи ажәлари дрыдныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи ажәлари рыхьӡала, ахәшьара ҳарак аиҭеит атәылақәа рыҩба реиҳабырақәа реизыҟазаашьақәа.

Ауснагӡатә иалахәын: Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мансур Аззам, Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳәаанырцә иҟоу иҟоу аџьынџьуаа русқәеи адәныҟатәи аусқәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Аиман Марсель Раад, Шьамтәылатәи Арабтә республика аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: