Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.
Аиԥылара аҿы Шьамтәыла аиустициа аминистр ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа адипломатиатә ҩаӡара аҿы рырҿиареи рырӷәӷәареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
Уи Шьамтәыла Ахада Башар Асад ажәларқәа ахьыԥшымразы рзинқәа рыхьчареи аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аполитика аҽаламгалареи дшадгыло атәы далацәажәеит. Аминистр иара убас аҩ-тәылак ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа дшадгыло атәы иҳәеит, избан акәзар Шьамтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора шьамтәылатәи ауаажәларратә еилазаара иахәҭакуп.
Аль-Саиед аҩ-ҳәынҭқаррак аиустициа Аминистррақәа рыбжьара аусеицура азы аиқәшаҳаҭра анапыҵыҩра аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшареи Аԥсни Шьамтәылеи азиндырратә усхкы аҿы ирымоу аԥышәеи адырақәеи рхырхәареи шхыԥадатәиу азгәеиҭеит.
Муҳаммад Али Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц ихьӡала ааигәа иазгәарҭараны иҟоу Кәырбан-Баирам аныҳәа инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит, убри аан уи Аԥсны аиустициа Аминистрра аиҩызаратә ҩ-ҳәынҭқарраки урҭ рыжәларқәеи рыбжьара аимадара арӷәӷәареи Аԥсны Шьамтәылеи рыбжьара аӡбаратә усхкы аҿы аусеицура аҿиареи ишазҿлымҳау азгәеиҭеит.
Иара убасҵәҟьа иара аԥсуа ган ҩ-ҳәынҭқаррак аиустициа Аминистррақәа русеицура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ишазхиоу иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, уи аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азы хра злоу усны иҟалоит.