Ажәабжь ҿыцқәа

6 June 2017 778
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба. Аиԥылара далахәын иара убасгьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Гьаргь Думаа.
15 March 2017 1280
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа имш иира идиныҳәалеит
22 February 2017 882
Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩасларц еибырҳәеит. Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) азҵаарала анаҩстәи реиԥылара хәажәкыра 21 2017 шықәсазы имҩасуеит ҳәа еибырҳәеит.
20 February 2017 952 Анотақәа
Даур Ақаҩба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адашшыларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла Афедерациа Ахаҭарнакс ООН иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадарази аҭынчра аҭышәныртәаларази Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Анти Турунени (ООН ахаҭарнак) Хаилу Мамои (ООН ахаҭарнак ҷыда) русутә еиԥылара.
17 February 2017 1210
Москва, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәырҭаҿ имҩаԥысит Аҟәеи Волга иаԥну ақалақьқәеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Нижни Новгород аекономикатәи акультуратәи лшара аӡыргара.
15 February 2017 816
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дидикылеит Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) ахаҭарнакс иҟоу Герберт Зальбер. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Ҭенгьиз Ҭарба, Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) аофис ахаҭарнакцәа Бьорн Куене, Том Триер и Эммануэль Анкетиль.
Москва, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасини Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылараан ирылацәажәеит атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаарақәа.
10 February 2017 1199
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
9 February 2017 1167
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Никарагуа Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Луис Альберто Молина Куадра имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә нота изишьҭит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: