Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра аԥшьгарала, Приднестровиа иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани ақалақьқәа Тираспольи Днестровски рхада И. Тиуриаеви Бендера ақалақь жәлар рдепутатцәа Рхеилак ахантәаҩы Иу. Кареи еиԥылеит.
Аиԥыларақәа рҿы ақалақьқәа: Аҟәеи Тираспольи, Очамчыреи Бендереи рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура амҩаԥгара алзылшо ахырхарҭақәеи аформақәеи ирылацәажәеит.
