Абҵарамза 3 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалалии реиԥылара мҩаԥысит.
Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьамтәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи, уи аҵакыратә акзаара ишрыдгыло, иара убасгьы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа аҽрылагалара ишақәыӡбоу азгәеиҭеит.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду, иара убасгьы аҩ-ҳәынҭқаррак рнапхгарақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура аҿиаразы иҟарҵо аҽазышәарақәа.
Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалали аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә, атуристтә усхкқәа рҿы аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рыҿиареи, анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡареи иара убас, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицураҟны Аԥсны-Шьамтәылатә еицеилак аусуреи рзы атәыла анапхгара ирымоу агәазыҳәара шьақәирӷәӷәеит.
Аиԥылара далахәын Аминистрцәа Рхеилак амаӡаныҟәгаҩ хада, адоктор Қьаис Муҳаммад Ходр.