Ажәабжь ҿыцқәа
24 December 2021 571
Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны АҳәынҭқАрраса ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара.
20 December 2021 645
Ԥхынҷкәын 20 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылара.
20 December 2021 345
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 17, 2021 шықәсазтәи идҵала Инар Ладариа Аԥсны азинмчра нагӡа змоуи иҷыдалатәуи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп Никарагуа.
19 December 2021 822
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шәачаҟа дцеит урыстәылатәи иколлега Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәаразы.
17 December 2021 442
Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дылԥылеит Венесуела ААР Европа аусқәа рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даниела Родригес. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа аминистрра
16 December 2021 427
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵала Игор Мураҭ-иԥа Ахба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп евразиатәи аинтеграциа аусхк аҿы.
14 December 2021 347
Ԥхынҷкәын 14 – Аԥсны аҭоурых аҿы еиҳа ирыцҳароу арыцхәқәа ируакуп. Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ари амш аиааира амш аиԥш иԥшьоуп.
Ԥхынҷкәын 6 азы Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара.
Ԥхынҷкәын 7-8, 2021 шықәсазы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 55-тәи рраунд, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, ацхантәаҩцәа ООН, ЕС, ОБСЕ злахәыз.