Ареспублика Беларусь ахада Александр Лукашенко, Минск Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵар алшоит ҳәа иҟаиҵаз иҳәамҭа азхьаԥшра аҳҭеит.
Урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов Минск Ареспублика Ҟрым (Урыстәылатәи Афедерациа) астатуси Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵареи шәышԥахәаԥшуеи ҳәа ииҭаз азҵаара аҭакс А.Г. Лукашенко иҳәеит Ҟрым Урыстәыла ишатәу азхаҵареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет азхаҵареи дшазыхиахо ари ашьаҿа ахәҭаны ианиԥхьаӡалак ашьҭахь.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ареспублика Беларусь ахада Александр Лукашенко, Минск Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵар алшоит ҳәа, иҟаиҵаз иҳәамҭа агәахәара ҳнаҭеит. Ари аҩыза ашьаҿа Минск аганахьынтә аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәар ҟалоит А.Г. Лукашенко Беларуссиеи Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҵак ду шриҭо.
Аԥсны, Урыстәыла иаҩызцәоу аҳәынҭқаррақәа, Аԥсны ажәлар рҭахрақәа еилызкаауа рҩызара иазыхиоуп. Урыстәылеи иареи реиҩызара рҿио Аԥсны аинтерес амоуп Ареспублика Беларуси иареи реинырра.
Агәыӷра ааҳарԥшуеит Ареспублика Беларусь, жәларбжьаратәи-азинтә принцип хадақәа, аиҟарареи ажәлар рхалахатәҳәаақәҵареи абрахь иналаҵаны ирыдгылоу, Аԥсны ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылараз ирымоу агәазыҳәара иадгыланы, астратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа, иашьҭрақәланы ахы мҩаԥнагап ҳәа.
Аԥсны ААР Ареспублика Беларусь ахада Александр Лукашенко иҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит
7 February 2022 579