Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Викториа Иладиеи реиԥыларазы

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Викториа Иладиеи реиԥыларазы
11 November 2025 69

2025 шықәса абҵарамза 11 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Викториа Иладиеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аофициалтә хаҭарнакраҿы имҩаԥгаз аиԥылараҿы Викториа Илади абҵарамза 7-8 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аконференциа "Ахырхарҭарацәатә дунеи аҿы алхрақәа: асуверенитет, агәеибарагара, алхратә процессқәа рҽеиҭакра" алахәхара иадҳәалоу лцәаныррақәа рзеиҭалҳәеит.

Абҵара 8 рзы, жәларбжьаратәи аконференциа алахәылацәа, експертцәак рыҳасаб ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рымҩаԥысраан еиуеиԥшым араионқәа рҿы алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит.

Имҩаԥысыз алхрақәа ртәы далацәажәо, Викториа Илади иазгәалҭеит: "Ҳара аексперттә гәыԥ абҵарамза 8 рзы Тҟәарчал ақалақьи Тҟәарчал араиони рҿы иҟоу алхратә ҭыԥқәа ирҭааит. Уи аҽны ҳара иаҳбеит алхратә ҭыԥқәа ааба рҿы алхрақәа шымҩаԥысуаз. Ҳахьнеиз зехьынџьара гәыкалатәи аизыҟазаашьа шыҟаз аабон. Амилаҭтә закәанԥҵареи жәларбжьаратәи астандартқәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан аусқәа зегьы” ҳәа.

ПМР аҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватаман Викториа Илади ҭабуп ҳәа леиҳәеит Аҟәа имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аконференциа активла дахьалахәызи Аԥсны алхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгашьеи експертк иҳасаб ала дахьашькаԥшуази рзы.


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: