Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит Гәымбольд иуниверситет Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа Амш азы имҩаԥнагаз аусмауснагӡатә.
Гумбольд иуниверситет азал-амфитеатр аҿы ауниверситети азеиԥш бызшәадырраз Леибниц-центри (ZAS) еицырзеиԥшу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Берлин абызшәа маҷқәеи урҭ рлитературеи ирызкыз аусмҩаԥгатә.
Акыршықәса инеиԥынкыланы аԥсуа бызшәеи уи иалацәажәоуи апроект «Ицәажәоит Берлин» еиуеиԥшым аетапқәа ирылахәуп, иара убасгьы урҭ Берлин аинтерактивтә бызшәатә хсаала иалагалан. Аԥсуа бызшәа ныҟәызго ранҵамҭақәа Германиа аҳҭнықалақь аҿы ахархәара змоу 180 бызшәа ирылаҩит. Аԥсуа бызшәа аҭҵаара иаҿуп, уи анемец лингвистцәа рыҭҵаара ҷыдақәа иробиектны иҟалоит, иара убри адагьы иара Германиа абызшәатә хкырацәара академиатә ҭҵаарақәа рҿы ицәыргоуп.