Рашәарамза 10 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада Иауз Аҭрышбеи рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо Урыстәыла Амш инамаданы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аныҳәатә дкылара рхы аладырхәит.
Адипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа злахәыз аусмҩаԥгатә аҿы, адныҳәаларақәа ҟаҵан, иара убас иҟәандоу, аиҩызаратә атмосфераҿы аицәажәарақәа мҩаԥысит.