Мшаԥы 14-15 рзы Москва имҩаԥысит аелекторалтә процессқәа рхылаԥшреи рекспертизеи реиқәыршәара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа, атәыла ахада игрантқәа Рфонди Россотрудничество аҟны иҟоу Ауаажәларратә хеилаки рыцхыраарала Афонд «Жәларбжьаратәи аинырреи аусеицуреи Рцентр» еиҿнакааз.
Аконференциа иара убас ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ - ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.
Аконференциаан аԥсшәаҳәаратә видеоааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Аконференциа аихшьаалақәа рыла арезолиуциа апроект иақәшаҳаҭхеит, аполитикатәи аелекторалтәи експертиза Ассоциациа аԥҵоуп. Ассоциациа ахадас далхуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ, Жәларбжьаратәи адипломатиатә обсерваториа ашьаҭаркҩы Вито Гриттани.
Ассоциациа хықәкы хадас иамоуп ишьақәгыло ахырхарҭарацәатә дунеи аҿы адемократиатә институтқәа иҭышәынтәаланы рыҿиара ацхраара, аобиективтә стандартқәа аус рыдулареи рхархәареи рыла алхрақәа рхылаԥшра.
Аконференциа еиднакылеит Урыстәылагьы налаҵаны адунеи атәылақәа 60 рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аекспертцәа.