Ԥхынгәымза 5 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш 215-шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә ассамблеиа ахантәаҩы Густаво Поррас, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, Никарагуа Ареспублика Аиҳабыра аминистрцәеи егьырҭ алахәылацәеи, адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи атәылаҿы аккредитациа змоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи, иара убас егьырҭ асасцәеи.