Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад апровинциа Али Алеппо иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира даҭааит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад апровинциа Али Алеппо иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира даҭааит
7 November 2025 62

Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу аԥсуа-черқьестә уаԥшьи рыбжьара асоциалтә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии аполитикатә зҵаарақәа рзы Адепартамент ахаҭарнак Аҳмад Бадауи Алеппо ақалақь аҿы иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира иаҭааит.

Муҳаммад Али дырԥылеит Алеппо иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа аиҳабы Маҳер Исҳак, адиректорцәа рхеилак алахәылацәа, Кавказтәи ажәларқәа рдиаспора ахаҭарнакцәа.

Аҭаара хықәкыс иаман Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи адиаспора ахаҭарнакцәеи рыбжьара аимадара арӷәӷәара, урҭ рҭагылазаашьа аилкаара, Алеппо иҟоу аԥсуа-черқьестә уаажәларра ацхыраара рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицуразы алшарақәа рылацәажәара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: