Жьҭаарамза 22 рзы, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Никарагуа знапынҵа назыгӡаз, аҷыдалкаатә уснагӡатәқәеи азинмчнагӡеи змаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов адипломатиа аганахь ала аԥсуа-аурыс усеицура арӷәӷәараҿы иҟаиҵаз алшамҭақәа рзы аиубилеитә медал “Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра –30 шықәса» ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба ихьӡала Хохоликов аҳамҭа инапаҿы ииркит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Алхас Кәыҵниа Александр Хохоликов Аԥснытәи адипломатцәа ирҭо адгылара азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убас аԥсадгьыл амаҵ аураҿы аринахысгьы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Аԥснытәи иколлегацәа ирҭаз азҿлымҳаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә усеицура анаҩсгьы ишацҵахо азы агәрагара шимоу азгәеиҭеит.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа-аурыс ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа аринахыстәи рырӷәӷәареи реиҿцаареи рзы рзы агәаанагарақәа еимырдеит.
Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарреи аиҩызаратә ҭагылазаашьеи аманы.
