Ажәабжь ҿыцқәа

2 December 2022 426
2022 шықәса ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны ААР аҿы иҟоу Амедиацентр аҟны Аԥсни Приднестровиа Молдавиатәи Ареспубликеи Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистррақәа рыбжьара амеморандум рыбжьарҵеит агәабзиарахьчареи, асоциалтә еиқәыршәареи, асоциалтә хьчареи ахырхарҭала русеицзуразы.
Абҵара 30, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкааи азинмч нагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Барбадос Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Акинас Џь. Кларк инаԥхьарала ихы алаирхәит Барбадос ахьыԥшымра 56 шықәса ахыҵраз ауснагӡатә.
30 November 2022 294
Алхас Кәыҵниа Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп Урыстәыла. Абри азы Аусдҵа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса абҵара 30 азы.
30 November 2022 388
2022 шықәса абҵара 29 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны аамҭалатәи агәрага, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Муҳаммед Али Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аҳәынҭқарра Палестина ацҳаражәҳәаҩ Самир Ель-Руфаи инаԥхьарала далахәын апалестина жәлар рыдгылараз Жәларбжьаратәи амш иазкыз ауснагӡатә.
26 November 2022 412
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи иԥсра инадҳәаланы адышшылара ҟаиҵеит.
26 November 2022 427
2022 шықәса абҵара 24 - 26 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысит БРИКС+ атәылақәа IV Жәларбжьаратәи рмуниципалтә Форум. Ауснагӡатә мҩаԥган Урыстәыла ААРи Россотрудничествеи иҟарҵаз адгыларала.
25 November 2022 382
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Апротокол аҟәша аиҳабы Алина Ҷанԥҳа еиҭалҳәеит раԥхьаӡа акәны Аԥсны аус шрыдыруло адипломатиатә цәамаҭәа аформеи ААР аусзуҩцәа рмаҵзуратә ҩаӡаратә дыргақәеи (Аԥсны ААР, Цҳаражәҳәарҭақәа, адипломатиатә Хаҭарнакрақәа) русзуҩцәа.
24 November 2022 426
Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.
23 November 2022 433
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина аҭагылазаашьа амониторинг мҩаԥнагоит. Урыстәылатәи аруаа иреиуоу атҟәацәа кыдҵаны рышьра арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххара иазырхоуп.
Абҵара 23 азы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәыпалбеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: