2024 шықәса жьҭаара 30 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла ахада ихаҭыԥуаҩ, адоктор Фаисал Аль-Микдади реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы Аԥсни Шьамтәылеи русеицура арҭбаара аԥеиԥшқәа, аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа активла русура амеханизмқәа ирылацәажәан.
Муҳаммад Али Шьамтәыла Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы иҟанаҵо адгылара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, 2024 шықәса ианҵәамҭазы ЕАР Ассамблеиа Хада “Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәеи рҭагылазаашьаз ”(04.06.2024ш.) иаднакылаз арезолиуциа Шьамтәыла шақәшаҳаҭымхаз азгәеиҭеит.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит: Шьамтәыла иҟоу, аҳәаанырцәынтәи адгылара змоу атеррористтә еиҿкаарақәа рҿагылараҿы, атәыла аҵакыраҿы изакәанымкәа иҟоу амчқәа ралгара аганахь ала Шьамтәыла иааннакыло апозициа, иара убасгьы асанкциақәеи аекономикатә блокадақәеи раԥыхра рганахь ала Шьамтәыла анапхгара ркурс Аԥсны анапхгара адгылара ду шарҭо.
Шьамтәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Феисал Аль-Микдад иазгәеиҭеит, аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа –Башар Аль-Асади Аслан Бжьаниеи рнапынҵақәа инарықәыршәаны, еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ишыҿио.
Иара убасгьы иҳәеит аҩ-тәылак рыжәларқәа реимадара аҭоурых ҵауыла шьаҭас ишамоу, агегемонтә политикеи атәылақәа рыҩнуҵҟатә усқәа аҽрылагалареи мап рыцәкра апринципқәа ишрықәныҟәо.
Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Гаис Аль-Ҳарки.