Ибрагим Аҩӡбеи Иауз Аҭрышбеи Анкара иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Корицки еиҿикааз аиҩызаратә дкылара рхы аладырхәит.
Адкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Анкара иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Алексеи Иванов, актәи амаӡаныҟәгаҩ Евелина Емузова, арратә атташе, 1-тәи аранг акаԥдан Максим Сидорко, актәи амаӡаныҟәгаҩ Андреи Русаков рԥылара.
Аиҿцәажәарақәа раан ирзааҭгылан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа. Ахәҭакахьала, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Ахаҭарнакреи, аԥсуа диаспореи, Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи русеицура азҵаарақәа ирыхәаԥшуаын.
Анкара иара убасгьы имҩаԥысит Жәлар Рреспубликатә Партиа (НРП) аҟынтәи адепутат Талих Озџьани апартиатә хеилак алахәыла Енгин Озкочи рԥыларақәа. Аиҿцәажәарақәа раан имҩаԥысит адиаспора акультуратә усуреи ԥхьаҟазтәи апроектқәеи рзы агәаанагарақәа реимдара.
Аганқәа аусеицура арӷәӷәаразы рыгәҭакқәа шьақәдырӷәӷәеит.