Тирасполь, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра хыбраҿы 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара иазку атематикатә баннер зкыду амемориалтә ҭыԥ аадыртит.
Ахаҭарнакрахь иааит Аԥсныҟа иаахьоу, 1992 шықәса нанҳәа 14 азы Аԥсны зықәшәаз арыцҳара здыруа Тирасполь ауааԥсыра.
Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку атематикатә баннер аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 33- шықәса раԥхьа иҟалаз ахҭысқәа ирызку афотосахьақәеи авидеосахьақәеи Аофициалтә Хаҭарнакра ахыбра аҩныҵҟа икыдыз аекран ду ала идырбан.