Аҭҵаарадырратә журнал "Петербургтәи кавказҭҵааратә альманах" актәи аномер ҭыҵит. Альманах аҿы икьыԥхьоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Германиатәи Афедералтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба лыстатиа "Аԥсуа бызшәеи уи Кавказтәи абызшәатә ҭаацәараҿы иааннакыло аҭыԥи". Аматериал кавказтәи абызшәатә ҭаацәара аконтекст аҿы аԥсуа бызшәа иааннакыло арольи уи аҭҵаареи аиқәырхареи рҿы иахьатәи азҵаарақәеи ирызкуп.
Ари акьыԥхьымҭа ҿыц аҭыжьра алыршахеит аредактор хада Ирина Дамениеи егьырҭ аредколлегиа ахаҭарнакцәеи рыбзоурала. Уи кавказҭҵаара аҿиареи аҭҵарадырратә диалог арҭбаареи рҿы акыр зҵазкуа ҭҵарадырратә проектуп.
Акьыԥхьымҭа Кавказ аҭоурыхи, абызшәақәеи, акультуреи, ҳаамҭазтәи апроцессқәеи ирызку иахьатәи актуалтә ҭҵаарақәа ирызкуп.