Нанҳәа 15 азы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы Хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азы адкылара мҩаԥган.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчреи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы Аԥсны ажәлар рыцхыраара инеиз, хатәгәаԥхарала аибашьра иалагылаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны аҵакыра иалаланы аибашьра иалагеит. Аибашьра хыркәшахеит 1993 шықәса цәыббра 30 азы аԥсуа жәлар риааирала. Ҳара ахаангьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа инеины еибашьуаз, ажәлар ирывагылаз, зыжәҩа рыдызҵаз хатәгәаԥхаралатәи ауаԥс еибашьцәа. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ракәзаргьы бџьаршьҭыхрыла рыдгьыл аҟны аҭынчра ақырҭуа фашизм иацәырыхьчар акәхеит» ҳәа иҳәеит адипломат.
Алан Елбакиев инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аиааира аагараан ирывагылаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рфырхаҵареи ргәымшәареи.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа аиашьаратә ҟазшьа шамоу, иара ԥхьаҟа аиҵыхрагьы ареспубликақәа рыҩбагьы рыжәларқәа рзы ишҵоуроу.