Ажәабжь ҿыцқәа

Нанҳәамза 6, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ростов-На-Дону иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә консул Адик Аршбеи аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикеи ааглыхреи рминистрра ацхыраарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ааглыхратә гәыԥ «Машхадани» еиҿнакааз иҷыдоу ааглыхратә цәыргақәҵақәа хԥа раартра ацеремониа ихы алаирхәит.
Нанҳәамза 4 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адомино азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.
4 August 2026 33 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәз змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа имшира идиныҳәалеит.
2026 шықәса нанҳәамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак алахәыла Дмитри Савельев диԥылеит.
3 August 2026 45
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи аџьынџьуаа рҿартә лагер «Ахьышьтрахь-2026» ахԥатәи аетап хыркәшахеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула иазгәанаҭоит зеиԥш ҟамлац, инеиԥынкыланы адәныҟатәи ақәыӷәӷәара инамаданы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа раанкыларазы Ареспублика Науру иаднакылаз аӡбамҭа амчыла ҟазшьа шамоу.
Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба дидикылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинин
Ԥхынгәымза 24, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит.
23 July 2026 103 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистрра адныҳәаларатә нота азынанашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи жәаф шықәса аҵра инамаданы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: