2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Колумбиа ацҳаражәҳәаҩ Мильтон Ренгифо инаԥхьарала, Ареспублика Колумбиа ахьыԥшымра Амш 215 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аныҳәатә церемониа напхгара азыруан Колумбиа ацҳаражәҳәаҩ Мильтон Ренгифо, Латинтәи Америка аусқәа рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис Ангуло.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа, егьырҭ асасцәа.