Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара иадҳәалоу аофициалтә церемониа ихы алаирхәит

Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара иадҳәалоу аофициалтә церемониа ихы алаирхәит
30 January 2026 55

Ажьырныҳәамза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.

Боливариантәи амилаҭтә арбџьармчқәа FANB, Венесуела аграждантә шәарҭадара аусбарҭақәа ҭоуба руит ар рхада изинмчхарақәа официалла зхахьы изгаз Делси Родригес лҿаԥхьа.

Ацеремониа мҩаԥысит Венесуела Арратә академиа аҵакыраҿы, Каракас иҟоу Ахырӷәӷәарҭа Тиуна акомплекс аҿы.

Ауснагӡатә амҩаԥгараан аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр Диосдадо Кабельо арбџьармчқәеи аполициеи рыхьӡала аофициалтә ҳәамҭа даԥхьеит, уаҟа иаҳәон аполициеи ахьчаратә ҟәшақәеи ракзаареи риашареи амилаҭтә суверенит ахьчаразы рмиссиаҿы еилшәара рықәымкәа ишаанхо. Инаҵшьны иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа Делси Родригес командаҟаҵаҩ хадак иҳасаб ала лнапаҵаҟахь ишиасуа.

Ар реинрал Падрино Лопес арбџьармчқәа аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо гәык-ԥсыкала ишылзыҟоу шьақәирӷәӷәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит ар Боливариантәи ареволиуциа иреиҳаӡоу аԥхьагыла иеиԥш адагьы амилаҭтә еинышәареи, адемократиеи, аҭынчреи ргарант лакәны дшырбо.

Делси Родригес лықәгылараҿы иазгәалҭеит лнапхгараан ацифратә суверенитет ахьчареи ар рсоциалтә цхыраара арӷәӷәареи аԥыжәаратә ҟазшьа шрылҭо.

Родригес бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит амчра ахырхарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа, иара убас аиԥылара иалахәыз Николас Мадурои Силиа Флореси рыхшара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ажьырныҳәа 3 рзы иҭахаз ргәалашәара: атәыла ахада урҭ рҭаацәарақәа гәыла-ԥсыла дышрыдгыло атәы лҳәеит.

Аусмҩаԥгатә апрограмматә ҳәамҭа хадақәа ируакхеит Венесуела акибернетикатә хьчареи ашәарҭадареи рзы Амилаҭтә усбарҭа аԥҵара шазгәаҭо.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр, аҭоубашьҭаҵара апроцедура ҳәаақәызҵоз Владимир Падрино Лопес, аҩныҵҟатәи аусқәеи, аиустициеи, аҭынчреи рминистр Диосдадо Кабельо, астратегиатә оперативтә командаҟаҵара (CEOFANB) аиҳабы Доминго Ернандес Ларес, иреиҳаӡоу арратә командаҟаҵареи, аминистрцәа Реилазаареи адипломатиатә корпуси рхаҭарнакцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: