2025 шықәса жьҭаара 6 рзы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Гондурас аруаҩ Имши аинрал Франсиско Моразан имширеи разгәаҭара далахәын.
Ауснагӡатә напхгара азылуан Венесуела иҟоу Ареспублика Гондурас ацҳаражәҳәаҩ Скарлет Ромеро, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ганрацәалатәи аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рубен Дарио Молинеи, аомбудсман Альфредо Руис Ангулои рыцхыраарала.
Каракас ақалақь аҿы иҟоу Амилаҭтә Пантеон аҿы ахақәиҭтәҩы Симон Боливар исаркофаг аҿаԥхьа имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Азиа, Мрагылара Ааигәа, Океаниа русқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Пиу Морено, адипломаттә миссиақәа рхадацәа, ацҳаражәҳәаҩцәеи АИХқәа рхадацәеи, егьырҭ асасцәа.
Гондурас, жьҭаара 3 рзы аинрал Франсиско Моразан Кесада игәалашәара иазку аруаҩ Имш азгәарҭоит. Уи АцентртәАмерика аидгыла, атәылаҿы аиашареи ахақәиҭреи рзы ақәԥара дырсимволуп.