2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы агәрагаҩы Валески Фиореллы Лопес инаԥхьарала, Асандинисттә револиуциа Аиааира 46 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аныҳәатә церемониа напхгара азыруан Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы агәрагаҩы Валески Фиореллы Лопес, Латинтәи Америка аусқәа рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис Ангуло.
Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы агәрагаҩи Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи аныҳәа рыдиныҳәалеит. Аганқәа рылацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Никарагуа рыҟазаара. Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит, уи аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рыҿиара иҵегьы амчхара шанаҭо азы агәрагара шимоу.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа, егьырҭ асасцәа.