Жәабран 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҳәынҭқарратә бжьагаҩ Константин Кочиеви реиԥылара.
Аиԥылараан ирылацәажәан Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд аҽазыҟаҵара азҵаарақәа.
Аганқәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара ашьақәыргылара ҷыдала азхьаԥшра аҭаны, аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы рпозициақәа акоординациа рзура ишазыхиоу шьақәдырӷәӷәеит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь Қырҭтәыла амч ахы ианамырхәарц азинтә дҵаҟаҵара аус адулара аҵак ду шамоу азгәаҭарҭеит.