2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ и.н. Одиссеи Бигәааи Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара иалахәын: Аԥсны АдәАр аусзуҩцәа, аиҿцәажәарақәа рлахәылац́әа: Алиса Барзаниа, Лаша Аҩӡба, Артур Гагулиа, Мадина Зыхәба.Аиԥылара иатема хаданы иҟан Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа иааиуа 64-тәи рраунд амшхәаԥштә алацәажәара.
Аиԥылараҿы аганқәа рылацәажәеит арегионтә шәарҭадара иахьатәи аамҭа иадҳәалоу азҵаарақәа, ихьыԥшымкәа аныҟәара иадҳәалоу апроблемақәа, иара убас, имҩаԥысраны иҟоу араунд амшхәаԥштә егьырҭ актуалтә зҵаарақәагьы.
Гали ақалақь аҿы Аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагаразы аҩганктәи ргәаанагарақәа рҳәеит.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд рашәара 25-26 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.