Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиԥылара иазкны

Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиԥылара иазкны
10 October 2024 444

Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне.

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат аиҳабы Мартин Ҭаркьыл, Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аконсултә Усбарҭа аиҳабы Лаша Аҩӡба, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.

Аиԥылара алагамҭазы Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит, Аԥсны арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьагьы, егьырҭ арегионқәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәагьы, ҷыдала Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәа инарҵауланы ишрышьклаԥшуа. Бигәаа, иара убасгьы, Мраҭашәаратәи атәылақәа Украинаҟа ахара ицо аракетақәа рнагаразы рыгәҭакқәа азхьаԥшра риҭеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны, Урыстәыла иадгылоу тәылак аҳасабала, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра шазаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи аимак еицәанатәыр шалшо иҳәеит.

Аилацәажәарақәа иртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд амшхәаԥштә алацәажәареи арегионтә шәарҭадара иахьатәи азҵаарақәа рылацәажәари.

Одиссеи Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи Женеватәи аилацәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоуп ҳәа азиҳәеит.

Аилатәара алахәылацәа Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм (АИПРМ) аусура аиҭалагара ахымԥадатәра ахшыҩзышьҭра арҭеит.

ЕБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану иазгәеиҭеит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа зегьы еицырзеиԥшу хықәкны ишрымоу Женева имҩаԥысраны иҟоу аиԥылара иахьынӡазалшо алҵшәа бзиақәа аанарԥшуа амҩаԥгара.

Ацхантәаҩцәа иааиуа Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥгара ишазыхиоу рҳәеит.

Аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд 2024 шықәса абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: