Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыларҳәа инаркны, Урыстәылатәи Афедерациа етап-етапла, хьаҳәхьачарада уи арӷәӷәара амҩа ианылеит, иахьа адунеитә аренаҿы ихадоу алахәылацәа рыбжьара иахәҭоу аҭыԥ ааннакылоит, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара азинеиҟарареи апатуеиқәҵареи рыпринципқәа ирыдгылоит.
Милаҭрацәала еилоу урыстәылатәи ауаажәларра реидгылареи уи аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынха инарҵауланы адгылареи атәыла ԥхьаҟа аҿиареи иқәыргылоу астратегиатә хықәкқәа рынагӡареи рзы ашьаҭа ӷәӷәа аԥырҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп агәреибагара иашеи шықәсырацәалатәи аиҩызара атрадициақәеи. Агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқаррабжьаратә еинырра аринахысгьы аҩ-жәларык реизҳазыӷьаразы динамикала аҿиара шаиуа».
Олег Барцыц Сергеи Лаврови Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив зегьи ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә усуреи аҭынчреи рҿы ақәҿиарақәа.