Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
"Акыр шықәса инеиԥынкыланы шәара профессионализм ҳаракыла Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә усбарҭа напхгара ашәҭоит, адунеитә аренаҿы Урыстәылатәи Афедерациа апозициақәа ҟазарыла, шьаҿа-шьаҿала ишәырӷәӷәоит. Амилаҭтә интересқәа рыхьчараҿы ибеиоу шәдипломатиатә ԥышәеи, шәҳәынҭқарратә хәыцреи, шәыпринципреи Урыстәылеи уи анҭыҵи иаԥсоу апатуқәҵара ду шәырҭоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҩыза дук иаҳасаб ала шәырдыруеит, ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара азҵаарақәа ԥсахрада шәыхшыҩ ахьырзышәышьҭуа.
Гәыблыла исгәаласыршәоит ҵыԥх, жьҭаарамзазы Шәача ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи ҳаиԥылара. Уи ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәеит ҳтәылақәа реизыҟазаашьа аидгыларатәи аиашьаратәи ҟазшьа иашаҵәҟьа шрымоу.
Агәра ганы сыҟоуп ҳадәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызареи, агәреибагареи, аконструктивтә еинырра аизыҟазаашьақәа аринахысгьы ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аҵакы ҿыц шроуло».
Олег Барцыц Сергеи Лавров изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә усураҿы – ақәҿиарақәа.