Ажәабжь ҿыцқәа

14 September 2018 940 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Ахьыԥшымра амш  инамаданы
13 September 2018 921 Анотақәа
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
13 September 2018 1019 Анотақәа
Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
11 September 2018 1454 Анотақәа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа аауеит иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы.
9 September 2018 1432 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит машәырла иҭахаз Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭаацәа, иуацәа, иҭахцәа.
19 July 2018 1100 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
5 July 2018 854 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
19 June 2018 1775 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь  Бендера аҿтәи атрагедиа 2 6шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
13 June 2018 1144 Анотақәа
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
31 May 2018 905 Анотақәа
Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: