Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит машәырла иҭахаз Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭаацәа, иуацәа, иҭахцәа.
Геннади Леонид-иԥа иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩын, инарҵауланы аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара зылшоз уаҩын, ауааи иареи ражәа еибакуан, аҽа гәаанагарак змаз иҿцәажәашьа дақәшәон. Геннади Леонид-иԥа ихьӡ узаҟәымыҭхо иадҳәалоуп аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара, атәыла аекономика аҿиара, аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аус рыцура.
Геннади Леонид-иԥа атәыла аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы ахьӡ ду змаз уаҩын. Ахәшьара уадаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ атәылақәеи реинырраҿ илагала. Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палатаҿ иусураан Геннади Леонид-иԥа изныкымкәа атәыла аинтересқәа ихьчахьан еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала.
Аҳәынҭқарраҿ иналукааша ауаҩы иҟамзаара Аԥсны ажәлар рзы харҭәаашьа амамкәа иҟоу цәыӡуп. Иара изымхара ҳнырлоит акраамҭа.
Геннади Леонид-иԥа игәалашәара лаша ҳацзааит наунагӡа.