Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә усзуҩ Имши идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
“Аԥснытәи адипломатцәа ҷыдала рыԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчареи, иҳараку азанааҭдырреи, аҭакԥхықәра аарԥшреи рыла иалукаауа иҟоуп. Ари азанааҭ ара еиднакылеит аҳәынҭқарратә хәыцшьа змоу апатриотцәа иашақәа.
Иахьа, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа хьанҭаны ишыҟоугьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа ламысла цқьала аҭынчреи агәылара еимабзиареи рырҿиара ахьӡала атәыла аинтересқәа рыхьчоит, уи ахьыԥшымра дырӷәӷәоит.
Сара ӷәӷәала агәра згоит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ҳаиашьаратә жәларқәа ринтересқәа ирызку агәреибагареи аилибакаареи рышьаҭала Кавказ аҭынчреи, аҳәоуеиқәшәареи, ашәарҭадареи рыхьчаразы хра злоу русеицура ԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа”.