Ажәабжь ҿыцқәа
Адунеи атәылақәа жәпак рыҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа иахьышьҭыҵыз инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭо атәылақәа рҭаара ԥыркырц.
Апарламент аҿаԥхьа есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаҵо Қырҭтәыла ахада лықәгылараан илҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла «акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа ҟанаҵоит» ҳәа. Иара убасгьы Саломе Зурабишвили илҳәеит «аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рганахь ала акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҳҵахьеит, аха еиҳа инарҭбаау аполитика амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵароуп» ҳәа.
Хәажәкыра 5 рзы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит.
Жәабран 26 рзы Стампыл ақалақь аҿы апартиа «Ватан» аофис аҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра ахаҭарнакцәеи Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа А. Логәуеи, Н. Смыри, В. Бебиеи апартиа «Ватан» ахантәаҩы Догу Перенчеки реиԥылара.
26 February 2020 1132
Атәылақәа жәпак рҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) зыхьыз рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭо атәылақәа рҭаара ԥыркырц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ареспублика Аиҭаҿиара амш инадҳәаланы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Приднестровие Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәалара изынаишьҭит.