Иван Хиль Сергеи Шамба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы Бадра Гәынба иигаз аиааира идиныҳәалеит

Иван Хиль Сергеи Шамба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы Бадра Гәынба иигаз аиааира идиныҳәалеит
3 April 2025 79

Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы Бадра Гәынба иигаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

“Венесуела ажәлар рыхьӡала, Боливариатәи Ареспублика Венесуела Аиҳабыра, Боливариатәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро Морос, хаҭала сара ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гунба иигаз аиааира. Аԥсуа жәлар ргәаҳәара шьаҭас измоу ари аиааира шәмилаҭ рҭоурых аҿы даҟьа ҿыцк аанартуеит.

Венесуела, Акомендант Уго Чавес иазынижьыз аидгылареи аиашьареи рыпринципқәа ирықәныҟәо, Аԥсны аизҳазыӷьаразы иамоу агәазыҳәара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба инапхгарала ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еимадареи аусеицуреи еиҳагьы ишыӷәӷәахо, аҩ-ганк рзы афеида аизырҳареи амультиполяртә дунеи аргылареи рзы.

Венесуела ауааԥсыреи аҳәынҭқарреи рыцхыраара еснагь шәақәгәыӷлар шәылшоит. Ҳара ҳажәҩа еибыҭаны ҳзеиԥш идеалқәа рыхьчареи ҳажәларқәа рԥеиԥш бзиа азықәԥареи рымҩала ԥхьаҟа ҳцалоит”.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: