Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 16 шықәса ахыҵра инамаданы Никарагуа Адәныҟатәи Аусқәа Рминистррахь ашәҟәы нарышьҭит.
Ашәҟәаҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
«Ҳара гәахәарыла иазгәаҳҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи азхаҵаразы аӡбреи инадыркны, иҭышәынтәалоу аизыҟазаашьақәа шыҟоу, иара убасгьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәа рыҿиара еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо.
Ҳара ҳақәгәыӷуеит ҳаинырреи ҳаиашьаратә жәларқәа рзы еизааигәоу аусеицуреи ԥхьаҟагьы ирыцҵахап ҳәа».