Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит
20 January 2017 1037
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Мали Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы азынанашьҭит иҟалаз атеррористтә акт инадҳәаланы.

Анотаҟны иаҳәоит:

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсрыла ирыдыркылеит Ареспублика Мали аҟны иҟалаз, хара змам аҭынч уааԥсыра ирзырхахаз арыцҳара аӡбахә. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атерроризм иаҿагылоит иагьақәыӡбоит. Мали иқәынхо ажәлар зегьи ҳшәыдашшылоит. Иҭахаз рыуа-рҭынха ҳрыдашшылоит, зыԥсы ҭаны еиқәхаз иаарласны ргәабзиара шьақәгылап ҳәа ҳақәгәыӷуеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: