Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Ажәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит аиҭаҿиара Амш инамаданы.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Жәабран 20, 1988 шықәса ажәлар ракзаара, рымч-рылша, рдоуҳа ирсимволуп. Иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа, шәара ишәылшеит еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә ргылара ахырхарҭақәа арҿиара рыҭара.
Агәра ганы ҳаҟоуп Ареспублика Арцахи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа ԥхьаҟагьы аиҩызареи аусеицуреи рытрадициақәа ирықәныҟәаны атәылақәа рыҩбагь рыжәларқәа рзеиԥш еизҳазыӷьра шалдыршо.»
Аԥсны ААР Ареспублика Арцах ахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит
20 February 2022 569