Ажәабжь ҿыцқәа

16 May 2025 5 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара ахьидиныҳәалаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
16 May 2025 16 Анотақәа
Шьамтәылатәи Арабтәи Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
2025 шықәса лаҵара 9 азы Берлин ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
14 May 2025 48
Лаҵара 14 рзы  Аԥсны раԥхьатәи Ахада, ҳаамҭазтәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба  диижьҭеи 80 шықәса ҵит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммед Алии Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иреиҳау аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр, адоктор Маруан Аль-Ҳалабии аҩ-тәылак рыбжьара аҵаратәи аҭҵаарадырратәи усеицураҿ аизыҟазаашьақәеи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Дамасктәи ауниверситети рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи аҵак ду шрымоу ирылацәажәеит.
Лаҵара 8 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатә Гәрага Едуард Соколов инаԥхьарала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазкны Венесуела имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Каракас ақалақь аҿы асовет еибашьцәа Реихстаг ахаҿы Аиааира Абираҟ шышьҭырхуаз аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Асовет жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иргаз аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы ихы рылаирхәит.
9 May 2025 28 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
9 May 2025 23 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: